ПРЕЗИДЕНТ ПОЗДРАВИЛ НАРОД АБХАЗИИ С АЖЬЫРНЫХУА
Сухум. 14 января 2026 г. Абхазия-Информ. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ажьырныҳәа рыдиныҳәалеит:
«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Ажьырныҳәа!
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ҳзы ари аныҳәа лымкаала аҵак ҷыда аман. Уи рызкыуп ҳҵасқәа рныҟәгара, ҳажәлар ракзаара, аҭаацәа реидкылара.
Иҧшьоу Ажьырныҳәа рыдысныҳәалоит ҳауаажәлар зегьы-зыҧсадгьыл аҿы инхо реиҧш аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаагьы.
Ҳахьыҟазаалакгьы ҳаиднакылоит Аҧсынтәыла, ҳбызшәа, ҳмилаҭтә культура, ҳаҧсадгьыл абзиабара.