Габниа еиҭеиҳәеит амшын аҟны ауаа рыԥсы шеиқәдырхаз Арҭ амшқәа рзы Гагра араион Лӡаа ақыҭа азааигәара амшын аҟны амашәыр иақәшәаз ҩыџьа Узбекистан атәылауаа рыԥсы еиқәырхан. Уи рылшеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу, зышәагаа маҷу аӷбақәа хылаԥшра рызҭо аҳәынҭқарратә инспекциа алеитенант Никита Габниа иҩызцәеи иареи. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Никита Габниа еиҭеиҳәеит амшын иагоз ауаа шеиқәдырхаз. Читать полностью...